Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 28661-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 23616-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 421-ы.
Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭа инхо Саид Смыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҽыбӷаҟазара иԥсҭазаараҟны ҭыԥс иааннакыло, иқыҭаҟны иахьазы уи азҿлымҳара ахьынӡамоу атәы.
Аԥсны Аԥсабарахьчаратә прокуратура аҳәынҭусбарҭақәеи анаплакқәеи ргәаҭара мҩаԥнагеит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадарақәа рзы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Иорданиа рныҟәара ахықәкы атәы.
Гәдоуҭа араион аҿы 200 гектар рҟынӡа аӡахәаҭрақәа ыҟоуп. Ииасыз ашықәс азы иҭаан 1800 тонна рҟынӡа ажь.
2020 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны ашәахтәлагалақәа рдинамика 144%, ма 709 миллиони 600 нызқьмааҭ иҟоуп.
Абонентцәа аинтернет аҿы акриптовалиута арҳаразы рылшарақәа аԥкразы амобилтә операторцәа рҿаԥхьа иқәыргылоу адҵа анагӡара шыргәиҭоу, уи иахьынӡазхиоу, аӡбамҭа алҵшәа атәы арадио Sputnik аефираҿы далацәажәеит аимадара "AQUAFON-GSM" атехникатә директор Даур Қорсаиа.
Ихадоу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит 25 азеиԥштә хысырҭақәа рҿи Урыстәыла аладатәи акалҭ 14 субиект рҿи, иара убасгьы Аԥсны, Ермантәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла.
II Атәылақәа рконференциа мҩаԥысит Аҟәа москватәи акультура-усутә центр "Москва Аҩны" аҿы.
30 - 70 метра аҵакны 2021 шықәса аԥхынразы адгьыл ҳәазеит Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан.
Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә еиԥыларақәа жьҭаара 2 азы иалагар акәын, аха цәыббра 30 азы аҭыԥ змаз ахҭыс инадҳәаланы дхынҳәит.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба жьҭаара 7 азы имҩаԥысыз аилацәажәараҟны Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа ахаҭарнакцәа дразҵааит ҭагалантәи ахьҭақәа иаарылагазар афымцамч ахархәара аҽшеиҭанакыз.
Аҵарауаҩ ҿа Инал Џьапуа иихьчаз акандидаттә диссертациа зызку, уи шаҟа аамҭа иҽазыҟаиҵоз атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Аҟәа ақалақь ахадараҿы имҩаԥысит закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аҿагыларазы аоперштаб инарҭбаау аилацәажәара аҩынусбарҭақәа реиҳабацәа, "Амшынеиқәафымцамч", Аҳәынҭстандарт рхаҭарнакцәеи Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәеи алархәны.
Аԥсны ауаҩы изинқәа зыхьчо Асида Шьаҟрылԥҳа апресс-конференциа мҩаԥылгеит Аԥсуа телехәаԥшраҟны.
Акриптовалиута арҳаразы аусурақәа ирҿагыланы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит 2020 шықәса аахыс афымцатә ҳақәа реидара ахьанҭахареи афымцамч адефицити инарыдҳәаланы.