Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭан инхо Аслан Ҳаџьымба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳәынҭкарра апрограммала иргахьаз 8 нызқь гектар рҿы еиҭарҳахьаз амандарин ҵлақәа нап ахьынӡарзадкыло атәы.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 28276-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 23150-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 421-ҩык.
Акәыкәбаа зыҟәшәо Зита Анқәабԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи аус дшазнеиуа, илҟәшәо ахкқәа, ишалыркуа атәы.
Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны иаԥҵаны ирымоуп акандидаттәи адоктортәи диссертациақәа рыхьчаразы Адиссертациатә хеилакқәа.
Б. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ арҵаҩы Мадина Кәарҷиаԥҳаи Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ арҵаҩы Линда Ҳагԥҳаи арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иалацәажәеит арҵаҩы изанааҭи уи иацу аҭакԥхықәреи абзиабареи ртәы.
Жәларбжьаратәи арҵаҩцәа рымшныҳәа азгәарҭоит есышықәса жьҭаара хәба рзы еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рыҟны, убас Аԥсынгьы.
Жьҭаара 5 рзы - Жәларбжьаратәи арҵаҩы имшуп. Аԥсны адагьы ари аныҳәа 100 инареиҳаны тәыла рҟны иазгәарҭоит.
Аиааира амш, цәыббра 30 ауха и аимак ҟалеит Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи ганкахьала, егьи аганахьала - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" иаанартит Аслана Џьынџьалԥҳа лоперациазы аԥареизгара. Аоперациа амҩаԥгаразы миллионки фышә нызқь мааҭи аҭахуп.
Иахьа жьҭаара 5 - Жәларбжьаратәи Арҵаҩы имш азгәарҭоит. Ари аныҳәа аҳаҭыр азы Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа длыҿцәажәеит 24 шықәса раахыс Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҵара аҟәша аиҳабыс иҟоу Мирена Дикран-иԥҳа Гәымԥҳа.
Амцакра ҟалеит ҳәа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь адырра ҟалеит жьҭаара 5 асааҭ 04:16 рзы.
Ҳџьынџьуаа аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы нхарҭала аиқәыршәара аҟәша аиҳабы Денис Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аныҳәа аламҭалазы аибашьцәа –арепатриантцәа рынхаразы аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбамҭа иаҵанакуа.
Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи рыруаа алархәны Жәларбжьаратәи арратә ҽазыҟаҵарақәа Enternity-2021 Қырҭтәыла рымҩаԥгара иалагеит жьҭаара 4 рзы. Имҩаԥыслоит жьҭаара 8 рҟынӡа.