Зылшарақәа ԥку ауаа рхы ныҟәыргартә еиԥш ирымазароуп изықәгәыӷша акы, уи аҳәынҭқарра азхәыцроуп ҳәа азгәеиҭеит Руслан Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иалыршахома иахьа ақыҭанхамҩаҿы уадаҩра дуны иҟоу ахәаҷа-маҷақәеи аԥакәақәеи ирцәымшәо аҵиаақәа рыҟаҵара, насгьы иҟоума ус еиԥш акультурақәа? Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ақыҭанхамҩатә институт аусзуҩ, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Дмитри Сабекьиа.
Ацгәы иадҳәалоу ацәгьеи абзиеи ртәы лматериал аҟны дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ахәыҷы иеизҳазыӷьараҿы игәабзиара ацклаҧшра зегьы ирыцкуп. Уи игәабзиара ахьчаразы аҧсуаа жәытәнатә аахыс иаҧҵаны ирымоуп ахәыҷтәы қьабзқәеи ахәшәқәеи. Убарҭ ирызку аныҳәарақәа ртәы еилылкаауан Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа.