Избан ҳтәылауаа алашара ахә ахшәаара зырцәыцәгьоу, изыхҟьозеи уи? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны Гәылрыԥшь арион аҿы афымцамч азы иаԥҵоу акомиссиа ахада Гурам Ҳаџьымба.
Избан ҳтәылауаа алашара ахә ахшәаара зырцәыцәгьоу, изыхҟьозеи уи? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭиира" аиҳабы Инал Лазба.
Аурыс драматә театр асахьаҭыхыҩ Аслан Кәыркәнаа иусура хада иҽахаршәаланы амҿлых макетқәа ҟаиҵоит. Инапкымҭақәа иреиуоуп аԥсуа ԥацха, акалаҭ, амҵәышә, ауардын уҳәа. Иара иусумҭақәа, хадаратәла, аԥсуа бзазара аҟнытә ауп ишаагоу.
XVI Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы-қәыԥшратә сахьаркыратә ҟазара афестиваль-аицлабра "Иаарту Европа" мҩаԥысраны иҟоуп Москва, 2019 шықәса хәажәкыра 27 инаркны 31-нӡа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара асабша, жәабран 2 рзы ачашыла иреиҳаӡоу, актәи, аҩбатәи асорт иалху ача хаз-хазы аҭираан амаксималтә хәыԥса еишьашәаланы ашьақәыргыларазы ақәҵара аднакылеит.
Аԥсуа бызшәа онлаин аҵаразы ашкол "Алашарбага" анапхгаҩы Инал Габлиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аԥсшәа аҵаразы аҭырқәшәа здыруагьы алшара шырзаԥырҵо.
Аԥсны инхо Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Анзор Арҩҭаа иҭаацәеи иареи рҭоурыхи иахьатәи рыԥсҭазаашьеи ртәы Сырма Ашәԥҳа лматериал аҟны.
Доусы имилаҭтә чыс хкқәа бзиа ибоит. Аха аԥсуаа адгьыл акалҭ ахь ицаргьы, егьа илыԥшааху афатә раԥхьа иқәгылазаргьы- аҟәыди, абысҭеи ирыцназго ҽа гьамак ҟалом дара рзы.