Аҳҭнықалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аспециалист хада Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аҟны илҳәеит аҿар рзы мҽышала, кинофильмк ахәаԥшразы аҭагылазаашьа шаԥҵоу.
Зых иақәиҭу ақәԥаразы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысит Калининградтәи аобласт аҿы жәабран 1 - 3 рзы.
Раҳми Арӡынба Ачадара ақыҭаҿ дынхоит, уи анхамҩа иазҿлымҳау уаҩуп, инапгьы акәтааӡара иалакуп.
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгур Какоба еиҭеиҳәеит ареспублика ашколқәа рҿы акарантин алагалахар аныҟало.
Аҟәа ача зҭиуа Анжела Шьанааԥҳа арадио Sputnik аҟны иазгәалҭеит ача ахә иахьацлаз инамаданы иаҳа ҳаиҷаҳалап ҳәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара асабша, жәабран 2 рзы ачашыла иреиҳаӡоу, актәи, аҩбатәи асорт иалху ача хаз-хазы аҭираан амаксималтә хәыԥса еишьашәаланы ашьақәыргыларазы ақәҵара аднакылеит.
Аҷандара ԥасатәи ахада Витали Џьениа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭаҟны игылоу аҷандарҵлақәа рҭоурых азы иидыруа.