Амшаԥ ныҳәа иаԥхьанеиуа аииа-баииа, изакуи уи? Иабантәиаауа? Абри атәы дазааҭгылоит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Аԥсны Аҭҵаарадырратә институт адиректор Арда Ашәба.
Ахыбра амцакраан иара уаҟа аус зуа рхымҩаԥгашьа акырӡа аҵанакуеит, анаҩс ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиқәырхаразы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра абылрачацәыхьчаразы Аҟәа ақалақьи араиони рҿы иаԥҵоу аҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
Аҳәаа аркра ала Аԥсны ицәырҵыз апты узаиааиуам, иҳәеит анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Урыстәыла ақыҭанхамҩа иаднакылаз ақәҵара, изеиԥшразаалакгьы аалыҵ аҳәаа ахыгара аанкылара ахҳәаа ҟаҵо.
Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Изакәанымкәа абџьар ахархәара азҵаара адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иалацәажәеит амилициа аинрал-леитинант амчратә усбарҭақәа рымадаразы Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Леонид Ӡаԥшьбеи, аибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу, ажурналист Емма Хәаџьааԥҳа.