Екатеринбург имҩаԥысуаз атурист форум алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭаиҳәеит акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла имҩаԥиго аусура атәы.
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистрра аделегациа алахәын 2018 мшаԥы 18-21 рзы имҩаԥысуаз Москватәи Жәларбжьаратәи аҵаратә салон аусура.
Москватәи аҵаратә салон аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган Урыстәылеи Аԥсныи Аахыҵ- Уаԥстәылеи аҵара аминистрцәа рхатарнакцәа реиԥылара. Уаҟа излацәажәаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭеиҳәеит аҵареи аҭҵаарадырреиқәеи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Какоба.
Аԥснытәи аделегациа алахәын IV Иалтатәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум.
Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгара изаамҭанытәим реилатәараҟны ААП апрезидентс далхуп Ҭамила Мерцхәылааԥҳа.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа ажәалагала ҟаиҵеит аԥхьатәи анхарҭақәа Аԥсны асуверинитет азхазҵаз атәылақәа ртәылауаа раархәаразы.
IV Иалтатәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәыз Адгәыр Арӡынба Sputnik иазеиҭеиҳәеит авизақәа роушьеи урыстәылатәи атуристцәа ареспубликаҿ рыԥсшьара аиҿкаашьеи ртәы.
IV Иалтатәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәыз Адгәыр Арӡынба Sputnik иазеиҭеиҳәеит авизақәа роушьеи урыстәылатәи атуристцәа ареспубликаҿ рыԥсшьара аиҿкаашьеи ртәы.
Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Мшаҧымза 24 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа.
Беслан Барцыц, Аԥсны Аԥыза-министр, инапынҵақәа аанижьит 2018 шықәса мшаԥы 24 рзы. Абри аҭыԥ ахь диаган Геннади Гагәылиа.
Аиммунизациа адунеизегьтәи амчыбжь иазку абрифинг мҩаԥган мшаԥы 25 рзы.
Асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳеит жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу оркестр раԥхьатәи аконцерт аҿы ахәаԥшҩы ибар шилшо ижәытәӡатәиу аԥсуаа жәлар рарҳәагақәа.
Аԥснытәи арадиотелерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны ашәахьа, 2016 шықәса жьҭаара 17 рзы аԥжәара ҟалеит. Аԥжәара аганахьала ашьаус хацыркын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Кодекс ахәҭаҷқәа ҩба инарықәыршәаны. Аԥсны Апрокуратура хада дааннакылеит Адгәыр Корсантиа. Иара ахара идырҵоит Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа иҭархара аиҿкаара далахәын ҳәа.