Аԥсны алхратә система ишахәҭәоу аус ауам ҳәа агәаанагара имоуп адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, азиндырыҩ Гьаргь Габуниа.
Иаҭахума аҭыԥантәи анапхгараҭара рнапхгаҩцәа ралхразы азакәан аԥсахра алагалара, абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, ауаажәларратә усзуҩы Рисмаг Аџьынџьал.
Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи инҭкааны аҭоурыхҭҵааҩцәа иҭырымҵааӡацт, аха иҟоуп ари аус зыстудентә ԥсҭазаара инаркны акурстә усумҭақәа азызкхьоу, ауахәама архитектура ҭыӡҵаауа.
Жәытә-натә аахыс Аԥсны зырхыџхыџуаз Маршьанаа дуқәа рхылҵ, аԥсадгьыл ахьчара зхы ахҭнызҵаз Беслан Амаршьан игәаларшәара аҳаҭыраз.
Аҳәынҭқарратә аветеринартә маҵзура инаныгӡо аусуреи, ашәарҭара зцу аҿкы чымазарақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны далацәажәеит аҳәынҭқарратә аветеринартә маҵзура ахантәаҩы Роман Џьопуа.
44 шықәса инеиԥынкыланы, Гагратәи амузыкатә школ, анаҩс аҟазаратә ҳәа зыхьӡ ԥсахыз, амузыка алитературеи, атеориеи, аҭоурыхи рзы амаҭәарқәа мҩаԥызгоз, иара убас 22 шықәса директорс иахагылаз Мери Виктор-иԥҳа Ҷанԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит еиуеиԥшым аамҭақәа раан Гагра араион аҟны аҟазара ианнакылоз аҭыԥ атәы.
Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.