"Аԥсуа бызшәеи ҳаамҭазтәи акомпиутертә технологиа ҿыцқәеи" атемала Аҟәа имҩаԥысит астол гьежь. Уаҟа изааҭгылаз, иалкааз азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳеит ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
Агәабзиарахьчара аминистрра аԥшьгарала, аиммунизациа Адунеизегьтәи амчыбжь аҳәаақәа ирҭакны Аҟәа имҩаԥысуеит аимҳәаршәаа иаҿагылоу алаҵаҟаҵара.
"Москва Аҩны" Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа реиԥш аџьа аветеранцәа рзгьы аҳамҭақәа архиеит.
Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭеиҳәеит Шәача ашьапылампыл азы Ачемпионат амҩаԥысра аамҭа иалагӡаны Урыстәылеи Аԥсныи рҳәаа атуртранспорт ахысразы ишьақәыргылоу аԥҟаррақәа ртәы.
Аԥсны Апрокурор хада Зураб Ачба Аӡбарҭа хада ахантәаҩы Манана Делԥҳа лахь азыҳәа неишьҭит Аԥсны АИхқәа 2017 шықәса рзы Рафик Чалокиан дишьызар ҟалоит ҳәа агәҩара ззыҟоу Едуард Адлеиба иганахь ала ашьаусҭҵаара иалацәажәо агәҽанҵара рылҭарц.
Ахҭнықалақь аҿы имҩаԥысран иҟоу аспортә усмҩаԥгатә "Аҟәатәи аҩра" атәы арадио Sputnik Аԥсны аефер аҟны далацәажәеит аклуб "Аспорт Аԥсны" ахаҭарнак Асҭамыр Мамед-оглы.
Аекономика аминистрреи Аинвестициатә маҵзуреи рхаҭарнакцәа агәаҭараз иаҭааит Гәылрыԥшь араион аҟны зыргылара иаҿу акәац аусадуларатә зауад.
Аԥсны Аиааира 25 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы ҳтәылаҿы еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Убас еиԥш, Аҟәа ақалақь Анацәа рхеидкыла ахаҭарнакцәа Аҷандара ақыҭа ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит.
Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Ашәаҳәаҩ Анна Боронина, агәыԥ "23:50" уаанӡатәи асолистка Аԥсны даҭааит, аинформациатә маҵзура Sputnik дсасны даҭан.