Абџьар ахархәараҿы алеишәа анԥсыҽу атәылаҟны ауаа иакәым ҟарҵоит, амашәыр рымпыҵҟьоит ҳәа азгәалҭеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны аибашьра аветеран, ажурналист Емма Хәаџьааԥҳа.
Абџьар ахархәараҿы алеишәа анԥсыҽоу атәылаҟны ауаа иакәым ҟарҵоит, амашәыр рымпыҵҟьоит ҳәа азгәалҭеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны аибашьра аветеран, ажурналист Емма Хәаџьааԥҳа.
Ҳтәылауаа абџьар рылгаразы азҵаара ақәыргалара ииашам ҳәа азгәеиҭеит амчратә усбарҭақәа рымадаразы Аԥсны ахада иабжьгаҩ, амилициа аинарал-леитенант Леонид Ӡаԥшьба адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.
Хәажәкыра 29 аҽны, Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы ирылаҳәан "Аԥсуа енциклопедиа" захьӡу аҭҵаарадырратә центр ҿыц шаарту. Аинститут ҿыц аԥҵара иацу ауадаҩрақәеи, иаго аҳарџьи ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра абылрачацәыхьчаразы Аҟәа ақалақьи араиони рҿы иаԥҵоу аҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефира аҟны иҳәеит Кемерова иҟалаз абылра ӷәӷәа ашьҭахь абылрачацәыхьчара аҟәша иадҵаало ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ишацлаз.
Жәытә-натә аахыс аԥсуаа алаԥш цәгьа иацәшәон, уи аҽацәыхьчаразы иныҟәыргон алаԥшҭәҳәа зҭаӡахыз, мамзаргьы, адырыҩцәа ҷыдала идырмазеиуаз ашәҟәқәа. Иахьа аамҭа акырӡа ԥхьаҟа ицеит. Ицәырҵит иҿыцу ахархәагақәа. Хәыҷи-дуи рзы, ашашәы иалхны алаԥш аҽацәыхьчагақәа зԥо Сабрина Гәынԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, урҭ рыҟаҵашьеи рныҟәгашьеи ртәы.
Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Есма Гәлариаԥҳа, лыԥшәма Нарҭ Чычба, ҳхылҵшьҭрақәа дреиуоуп. Диит Иорданиа, иахьа дынхоит иԥсадгьыл аҿы.