Очамчыра араион ақыҭақәа зегьы рҿы апты аизгаразы аусурақәа цоит, урҭ шымҩаԥсуа атәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭаиҳәеит Аԥсны акарантинтә ҵиаақәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аспециалист хада Анзор Варгагаа.
Ростов имҩаԥысуаз ашәарыцалақәа рцәыргақәҵа "Гордость Юга" аҿы аԥсуа лақәа иреиҳау ахәшьара роуит, иҳәеит ацәыргақәаҵа иалахәыз, ашәарыцаҩ Шамиль Бигәаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Абокс азы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 28-31 рзы.
2018 шықәса хәажәкыра 27-28 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа.
Гәдоуҭатәи анасамбль "Адац" Нальчик имҩаԥысуаз афестиваль аҟны аԥхьахәтә ҭыԥ ааннакылеит. Ахәыҷқәа рыкәашара ахәаԥшцәа даара ибзиан ирыдыркылеит лҳәеит ансамбль амузыкарҳәаҩы, Аԥсны зҽыԥсазтәыз артистка Наҭела Бигәааԥҳа.
Уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба қарҭаа амч ахамырхәараз адокумент анапаҵаҩра мап ахьацәыркыз ахҳәаа аҭо иазгәеиҭеит қарҭаа адокумент атекст дара ишырҭаху шакәу ишеилыркаауа. Иара иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рнапы аҵарымҩыкәа адокумент иарбанызаалак зинтә шьаҭак шамам.
Гагратәи алицеи-интернат аҵаҩцәа алахәын хәажәкыра 23-25 рзы Москва имҩаԥысыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Объединяемся Знаниями" – 2018.
2018 шықәса хәажәкыра 25 рзы имҩаԥысит Аԥсны иахыҵәаз амармалташь пты иаҿагыланы ақәԥаразы азҵаарақәа рылацәажәара.
Кемерово ақалақь аҟны иҟоу Ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҟны иҟалаз арыцҳара иахҟьаны 64-ҩык рыԥсҭазаарақәа ирылҵит.
Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Апауерлифтинг азы Аԥсны имҩаԥысыз аицлабрақәартәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны пауерлифтинг азы Афедерациа апрезидент Максим Быков.