Амцаԥшьа аагаразы Иерусалим иҟоуп Аԥснынтәи аԥшьаныҟәаҩцәа. Иарбан ҭыԥқәоу изҭаахьоу, ныҳәатә усмҩаԥгатәқәас рхы зладырхәхьеи, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа делегациа иалоу аб Далмаҭ.
Еилаԥсоу ақәԥаразы ачемпионат "Hype FC rumble in the cage" мҩаԥысраны иҟоуп Германиа, ақалақь Бремен мшаԥы 27 рзы.
Мшаԥы 26, 1986 шықәса рзы Чернобыльтәи атомтә фымцатә станциаҿы амашәыр ӷәӷәа ҟалеит. Уи аԥырҟәҟәааразы Аԥснынтә ицаз дреиуан Аҟәатәи ахәышәтәырҭа амедиаҳәшьа Фируза Ҟалӷьԥҳа. Лара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит дахьнеиз лыбла иабаз.
Ишԥарыдыркылеи Маиҟәаԥ ахәаԥшцәа Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аспектакль "Қьалашьбеи", насгьы иарбан уадаҩроу актиорцәа зықәшәаз, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атеатр анапхгаҩы Аслан Еныкь.
Аԥсныи Урыстәылеи рыруаа еицымҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа хацыркхеит амчыбжь алагамҭазы.
Аҟәатәи ашколқәа рҿы аклассқәа зегьы ҭәуп. Аҭагылазаашьа аиӷьтәразы даҽа ҵараиурҭак аарттәуп иҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 21 2019 шықәса рзы.
Аԥсуа-адыга театрқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль "Кавказский меловой круг" мҩаԥысуеит Маиҟәаԥ, мшаԥы 22-28 рзы. Афестиваль иалахәуп Аҿар ртеатри Аԥсуа драматә театри.
Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа мшаԥы 26 рзы имҩаԥысраны иҟоу афольклортә ашәаҳәаратә ансамбльқәа рфестиваль "Раида" ахықәкы хада атәы.
Автобусқәа реиҳарак ареспублика ақыҭатә школқәа рахь еихшахоит иҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.