Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Санкт-Петербург имҩаԥысуа Аԥснынтә аделегациа злаху Аиааиҩцәа рфорум аҵакы атәы.
Иркутск ақалақь, аспорттә комплекс "Байкал-Арена" аҿы, 2002-2004 шықәсқәа рзы ииз арҧарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәҧаразы Урыстәыла Аҧхьахәгара мҩаԥысит мшаԥы 23-25 рзы.
Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк адирекциа ишазыԥхьагәарҭо ала лаҵара 1 - 10 рзы апарк иаҭаараны иҟоуп 5000-ҩык инадыркны 8000-ҩык рҟынӡа.
Амшаԥныҳәа хымыш шагу - аԥшьашаҽны аԥсуаа ақьырсиан динхаҵара ныҟәызго аҭаацәарақәа иазгәарҭоит Чачхадыл. Уи амҩаԥгашьа атәы дазааҭгылоит аҵарауаҩ, Апсуаҭцааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Аԥсуа делегациа алахәуп Санкт-Петербург имҩаԥысуа Аиааиҩцәа рфорум "Великая Победа, добытая единством".
Амшаԥныҳәа аиаанӡа аԥсуа лымкаала иацклаԥшны иҟарҵоит Чачхадыл (Чхадыл). Чачхадылеишәа аргылараан ихадароу атәы Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҟны.
Гәылрыԥшь араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Гурам Шьоуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы адиспансеризациа актәи амш шымҩаԥысыз атәы.
Аԥснытәи аделегациа рхы аладырхәит Аиааиҩцәа IX Жәларбжьаратәи рфорум "Великая Победа, добытая единством" афорум аусура аатит мшаԥы 25 рзы Санкт-Петербург.
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны Ачерқьесцәа рбираҟ амш азгәаҭан 2016 шықәса рзы. Иара амш азгәаҭара иалагеит 2010 шықәса рзы.
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиаразы аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы идикылаз ақәҵара ахҳәаа азыҟаиҵеит акинорежиссиор, Аԥсны Жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа.
Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 24 - 27 рзы.
Омар Мерцхәылаа, Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭаҿ мшаԥы 17рзы идырмыз хҩык ауааԥсыра дырӷьычит.
Апальма бжи аладамерикатәи ахьычԥаԥыри ирхырҟьаны 2018 шықәса рыҩныҵҟа Аҟәа 21 пальма хырҟааит, Гагра – 20.