Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистрреи Аҧсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рзы аминистрреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп. Иазԥхьагәанаҭои ари аиқәшаҳаҭра, иарбан зҵаарақәоу иаӡбарц иалшо - абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Арепатриациазы аминистр Беслан Дбар.
Ахаҵа даанкылан аҵарҭышатә ԥара анриҭоз аамҭазы.
Аклуб "Ҟрым аҩызцәа" иаҵанакуеит Европа, Азиа, Латынтәи Америка рҟынтәи 70 тәыла рҟынӡа.
Риҵатәи Сталин иԥсшьарҭа ҩны иахьатәи аҭагылазаашьеи, насгьы уи атурист имҩахыгара иахьынӡазыҟаҵоуи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи аҩны аиҳабы Енвер Терзиоӷлы.
Ари ацәгьоура инамаданы Аҟәа араион апрокурор иқәҵарала, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра алархәны иаԥҵоуп аусҭҵааратә гәыԥ.
Афестиваль "Абиблиоҵхы" азырхоуп ауааԥсыра ашәҟәы радԥхьалара. Раԥхьаӡа акәны 2017 шықәса лаҵарамзазы иара мҩаԥысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы.
Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны амилаҭтә парк "Кәыдрытәи аиҩхаа" аԥҵаразы ақәҵара амчра аиуит. Иаартхома ари аҭыԥ аҭааҩцәа рзы - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат XIII атур ахәмарра мҩаԥысит "Нарҭи" "Афони" рыбжьара аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны.
Шьамтәылеи, Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аусеицура ахырхарҭақәа акыр ирацәоуп, иҭбаауп ҳәа иҳәеит Шьамтәыла Аекономикеи адәныҟахәаахәҭреи рминистр Самер Аль-Халиль.
Аԥсныи Ҟрыми рыбжьара аидарамҩангара азҵаара иалацәажәан аԥшьаша, мшаԥы 18 рзы, Иалтатәи афорум амҩаԥысраан.
Аԥсны Жәлар Реизара гәыԥҩык адепутатцәа ажәалагала ҟарҵеит атәыла Апрокурор хада иаҭареи иамхреи рыԥҟара аԥсахрақәа ралагаларазы. Азыҳәа нашьҭын Аконституциатә ӡбарҭахь хәажәкыра 12 рзы.
Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ Гурам Ҳаџьымба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит агыгшәыгқәа рықәхразы араион аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Тҟәарчали Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы иаарԥшыз абџьар ҵәах ареспублика АҶА ахь ирыҭоуп.