Ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы алагалазы Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы акомиссиа ирыланаҳәоит апремиа аиуразы аконкурс шаарту. Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит акомиссиа ахантәаҩ ҿыцс иалху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба.
Араионқәа рҿы асахьаҭыхразы арҵаҩцәа разымхареи арҿиаратә студиақәа рыҟамзаареи уҳәа ицәырырго ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ААУ аҟазара аҟәша аиҳабы Нугзар Логәуа.
Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы акырӡа аҵанакуеит ашәаԥыџьаԥ, аҵлақәа ркульт. Ауаҩы икәша-мыкәша иибоз аиаҵәара аԥсы ахоуп, иԥсабаратәым мчыкгьы рылоуп ҳәа иԥхьаӡан. Ас еиԥш иҟаз агәаанагарақәа рӷьырак ажәытәӡатәи аамҭақәа иргәылганы ҳара ҳҟынӡагьы иааӡеит. Аҵлақәа ирызку лазгәаҭарақәа ҩаԥхьа иҳадылгалоит Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынӡа анеира ахьыуадаҩу азы Аԥсны АҶА авертолиот рхы иадырхәарц ргәы иҭоуп.
Ашьапылампыл азы Аԥсны XXVI ачемпионат ахԥатәи аикәшара иатәу ахәмарра мҩаԥысит Аҟәатәи "Нарҭи" Галтәи "Самырзаҟани" рыбжьара Галтәи ашьапылампыл адәаҿы асабша, мшаԥы 6 рзы.
45 шыкәса раԥхьа абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" Венгриатәи аицлабраҟны рықәгыларазы иранашьан "Ахьтәы Таташь". Уи ахҭыс шыҟалаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәалаиршәеит Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа.
45 шықәса раԥхьа, мшаԥы 7, 1974 шықәсазы аԥсуа етнографиатә ансамбль "Нарҭаа" Венгриа имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афольклортә еицлабраҿы иреиҳаӡоу аԥхьахә - "Ахьтәы Таташь" иаԥсахеит. Ансамбль 30 шықәса инеиԥмырҟьаӡакәа напхгара азҭоз Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа иҳацеиҩишеит венгриатәи игәалашәарақәа.
Иарбан ҭыԥу ала аԥсуа ибзазараҿы иааннакылоз, иҟоума уи иадҳәалоу аныҳәарақәа, нцәахәыс иамоузеи ари аԥстәы уҳәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Изеиԥшроуи иахьатәи аԥсуаа рыхдырра, иарбан мҩоу ҳажәлар зну, иаҳхаҳгахьоу аҭоурых ҳаҿыԥшны ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш лашазы иҟаҵатәуи уҳәа ртәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиеи антропологиеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, ААУ адоцент Марина Барцыцԥҳа.
Краснодартәи атәылаҿацә Павловтәи араион аҟны аҽырыҩра мҩаԥысит асабша, мшаԥы 6 рзы.