Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба иира амш аҽны арадио Sputnik аҟны дигәалаиршәеит иҩыза Зураб Маршьан.
Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит. Еигәыцхәу аԥсуа-адыга бызшәақәа зегь зхылҵыз абызшәа-шьагәыҭ аиҿыҵра ианалага инаркны иалагоит аԥсуа бызшәа зхала иҟоу бызшәак аҳасабала аҿиара аҭоурыхгьы. Уи аҿиараан ишьақәгылон еизааигәоу ахылҵшьҭрақәа злацәажәоз адиалектқәа рацәаны.
Аспектакль "Ацынҵәарах" арежиссиор-ақәыргылаҩ Алиас Аҩӡба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аус адулара дшалагаз, аԥхьа ус еиԥш ахшыҩҵак иколлегацәа ишрыдыркылаз.
Амҩа Март 4 Фазиль Искандер ихьӡ зху амҩа ҳәа ахьӡ ԥсахны, Марыхәтәи амҩа Март 4 амҩа ҳәа ахьыӡҵахарц ажәалагала ҟанаҵеит ашәҟәыҩҩы ихьӡ анаӡаӡатәразы иаԥҵоу Акомиссиа.
"Аиааира ацҳаражәҳәаҩцәа" жәларбжьаратәи афорум иалахәхара уи ахыкәкы арадио Sputnik далацәажәеит Аԥснытәи аволонтиорцәа рхаҭарнак Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҭцаарадырратә усзуҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Геннади Ҵлаиа.
Франциатәи асоциологиатә еилахәыра IFop жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik азы Европеи Еиду аштатқәеи рҟны азҵаара-ҭҵаарақәа мҩаԥнагеит "Ҟрым Урыстәыла иахәҭаны ишәыԥхьаӡоума?" атемала.
Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит Аҟәа иблыз аҩбатәи абжьаратә школ ашәқәа ҩаԥхьа аҵарашықәс ҿыц алагамҭаз ишаартхо атәы.
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит лаҵара 13 - 19 рзтәи амчыбжь аҩныҵҟа ареспубликаҿы имҩаԥысраны иҟоу акультуратә хҭысқәа.