Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба ДЖәР ахада Денис Пушилин иааԥхьарала Донецк дцеит агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа аҽрылархәразы.
"Ахаақәа рныҳәа" ҳәа хьӡыс измоу ачысҟаҵаҩцәа реицлабраҿы аиааира згаз иреиуоу, ахәаԥшцәа иреиӷьу ҳәа иалыркааз Алиона Ҵнариаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит лусура шхацлыркыз атәы.
Лаҵарамза 7-8 рзы Ҭырқәтәылатәи аԥсуа делегациа Нхыҵ-Кавказтәи аиашьаратә республикақәа ирҭааит.
Ахәыҷқәа-аинвалидцәа рзы хәыда-ԥсадатәи ахәшәтәратә цәеижьхәара Гагратәи Аортопедиатә центр аҟны имҩаԥылгоит Ахәыҷқәа-аинвалидцәа рҭаацәа рхеилак анапхгаҩы Виолетта Гагәылиаԥҳа.
Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира ду аҳаҭыр азы Очамчыра имҩаԥысуеит аҩреи маланыҟәала аиԥхныҩлареи рзы аицлабрақәа. Абри аицлабра аҽазыҟаҵашьа шцоз, уи иалахәхо рхыԥхьаӡареи рықәрақәеи уҳәа ртәы иазкны арадио Sputnik аинтервиу алҭеит Очамчыратәи аҩра аиҿкааҩцәа ируаӡәку Асҭанда Ҷкадуаԥҳа.