Асахьаҭыхҩы Заур Мықәба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит дшыхәыҷыз иалиххьан ҳәа аԥхьаҟа ихы ззикуаз аус. Лаҵарамза 2, Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатуеит асахьаҭыхҩы иусумҭақәа рцәыргақәҵа, мышқәак раԥхьа Заур Мықәба 75 шықәса ихыҵит.
Сақариа аԥсуаа рхеидкылаҿы имҩаԥысит аҳәса анапҟазацәа рцәыргақәҵа "Аҩычага".
125 шықәса ҵит иналукааша амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагыла Нестор Аполлон-иԥа Лакоба диижьҭеи.