Иналукааша аԥсуа диаспора ахаҭарнак, аинрал Уалид Маршьан дызнысыз афырхаҵаратә мҩа ҿарԥштәы бзиоуп ҳауаажәлар рзы ҳәа азгәеиҭеит уи ибаҟа аартраҟны Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр Беслан Дбар.
Афырԥҳәыс, раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Мери Аҩӡԥҳа дыргәаладыршәоит лара хаҭала дыздыруаз, Аԥсны еиҿкаау Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи аџьеи рветеранцәа рхеилак ахантәаҩы Алеқсандр Шьониеи, акыр шықәса Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнакс иҟаз Владимир Аҩӡбеи.
Зыхьӡ кашәара ақәым аинрал Уалид Маршьан ибаҟа Аҟәа аартра иналукааша хҭысуп Аԥсны аҭоурых аҟны, иара убас Шьамтәылеи Аԥсныи реиҩызаратә еимадарақәа рҭоурых аҟны, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба иқәгылараҟны.
Венесуелатәи ахҭысқәа инарымаданы Вашингтон иҟанаҵаз аҳәамҭа иаартны аҳәынҭқарратә мчра ахҳәарахьы ааԥхьароуп ҳәа азгәарҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Амармалташьтә пты аизгара ааԥынразы еиҭахацыркхоит, усҟан иара аԥырра аҽазырхиара иалагоит, ацәа иалҵуеит.
Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аркра акыр изызхәыцтәны, ауааԥсыра рыбзазара анырра амоуа имҩаԥгатәын ҳәа лҳәеит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрылԥҳа.
Ажьырныҳәа акы инаркны Аԥсны амч аиуит апатенттә системала ашәахтәқәҵаразы азакәан. Уи ззырхоу насгьы феидас иалоу атәы еиликаауан Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.
Аҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрраҿы имҩаҧысит иналукааша ҳџьынџьуаҩ, Шьамтәылатәи Арабтә Республика арратәи ауаажәларратәи усзуҩ, аинрал Уалид Маршьан ибаҟа аартра иазкыз аусмҩаҧгатә.
IX-тәи иаку аспорттә қәԥарақәа рзы иаарту афестиваль "Кубок равноапостольного Николая Японского" мҩаԥысраны иҟоуп Москватәи аобласт, Пушкино ақалақь аҿы жәабран 2-9 рзы.
Аминистрцәа реилазаараҿы аҩныҵҟатә тәылауаҩшәҟәқәа реиҿкаареи реихшаареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит ажьырныҳәа 23 рзы.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр 50 шықәса инацны амаҵ азызухьаз актриса Нелли Лакоба лзы асценахь ацәырҵра ианакәызаалак иԥшьоу усын ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа.
Азҵаара цәырган ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа делегациеи Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнакцәеи ажьырныҳәа 17 рзы Москва реиԥылараан.
30-ҩык рҟынӡа Гал ауааԥсыра аҭыԥантәи араион ахадара аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргеит ажьырныҳәа 23 рзы.