Аԥсны Аҳәынҭқарра аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи ргәаҭара аҟәша аиҳабы Амир Цәышба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит ажьырныҳәамзазы амш зеиԥшрахо.
2018-тәи ашықәс иԥсҭазаараҿы ишымҩаԥысыз дазааҭгылеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.
Ашықәс ҿыцтәи аныҳәақәа рзы Аҟәа ақалақь ацхыраара лас аус шауаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьапуа.
Иҳаҩсыз ашықәс азы, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Apsny аҟны сусура алкаақәа ҟаҵо, исҳәарц сылшоит уи егьырҭ ашықәсқәа иреиԥшымызт ҳәа. Абжьааԥны схахьы иаазымгоз сацклаԥшыр акәхеит. Изакәызеи ҳәа шәҵаауазар, абар аџьашьатәы, уи аџьықәреи шызҳауаз ауп.