2019 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысуеит атәыла ахада иалхрақәа. Иаҭахума алхратә система аԥсахрақәа ралагалара? Абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Аԥсны ахада иусбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниа.
2019 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥсыуеит атәыла ахада иалхрақәа. Иаҭахума алхратә система аԥсахрақәа ралагалара? Абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Жәлар реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа.
Абҵара 30 рзы имҩаԥысуаз Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ирыдыркылеит аусеиҿкааратә мзар. Уи инақәыршәаны, 2019 шықәса рзы Аԥсны 246 усуратә мши 119 ԥсшьара мши ҟалоит.
Гәыма ақыҭа Анцәа иҽеиҭакра ахьӡала иргылоу ауахәама иахагылоу аиереи Никита (Адлеиба) арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит аиаша қьырсианхаҵара ныҟәызго аӡы рӡаахра анымҩаԥгатәу, иара убас анаӡӡеи абаӡӡеи рҭакԥхықәра атәы.
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Гьаргь Габуниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит ажьырныҳәа 1, 2019 шықәса инаркны Аԥсны иалагалоу апатенттә система закәу.