1859 шықәса, ажьырныҳәмазазы ԥсҳәаа аурыс мчқәа ирҿагыланы ақәгылара мҩапыргеит уи иахылҿиааз ахҭысқәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ААУ Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра адоцент Сослан Салҟаиа.
Аминистрцәа реилазаараҿы 1992 шықәса инаркны ирыдкылаз адҵақәеи, ақәҵарақәеи, ашәҟәақәеи зегьы ацифрахь риагаразы аусурақәа цоит. Уи шымҩаԥысуа атәы, насгьы ари аус хықәкыс иамоу атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аминистрцәа Реилазаара аԥкаанҵатәи аиқәыршәара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Аҩӡԥҳа.
Аԥҟарақәа зегьы инарықәыршәаны аус зуа абахҭа аҳәынҭқарраҿы зда ԥсыхәа ыҟам ак шакәу дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Адаԥазар инхо аԥсуаа рхатәы бызшәа дырҵаразы акурсқәа еиҿкааны измоу Ирфан Ахәаҷба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсшәа арҵара дшалагаз атәы.
Арыцҳара ҟалеит ажьырныҳәа 18 рзы, Аԥсны ашьхара ҭыԥқәа иахьрыҵаркуа аиҩхаақәа руак аҿы.
Кострома ақалақь иалҵыз Михаил Маслов, хәышықәса раԥхьа аамҭала нхара ҳәа Тамшьҟа иааз, дшьын 2019 шықәса ажьырныҳәа 14 рзы.
Москва апоетцәа рыҩнаҿы Жәларбжьаратәи алитературатә проект аҳәаакәа иртагӡаны Евразиа ажәларқәа рассамблеиа ахылапшрала иаартын ахәылԥазқәа рцикл. Уи азкуп Урыстәыла акыр шыкәса инхо егьырт амилаҭкәа рбызшәакәа азҿлымхара рыҭара. Уахь иацанакит апсуа бызшәагьы. Абызшәақәа рыхәылԥаз алахәыла Шьукин ихьӡ зху атеатралтә ҵараиурҭа аушьҭымҭа Милана Ламиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иара шеиҿкааз атәы.
Аинтеллектуалтә хәмарра "Иарбан? Иаба? Ианба?" аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдыркылалоит жәабран 13 рҟынӡа.