Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы Сергеи Габелиа иҟазареи иуаҩышьеи ртәы арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит иҩыза, асахьаҭыхҩы Сергеи Ҵәыџьба.
Шәача ицәырҵит алада Америкатәи ахьычԥаԥыр. Жәабала аекзотикатә ҵиаақәа ахҵәара рықәшәеит.
Лыхнытәи ажәытә уахәама иацәыхарамкәа азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы иргылаз ауахәама маҷ акыраамҭа ҳажәлар изырцәымӷыз, анаҩс ҩаԥхьа иаҭаауа ишалагаз атәы еиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Жәларбжьаратәи акинофестиваль IstanbulInternationalShortFilmFestival мҩаԥысраны иҟоуп Сҭамԥыл, жәабран 26 инаркны хәажәкыра 3 рҟынӡа.
Аԥсны ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкцәеи реилазаара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра араион аҟны абгақәеи абгалаџқәеи рықәхра иазкыз сынтәа раԥхьатәи ашәарыцара шымҩаԥыргаз.
Бреик-данс азы ачемпионат "Full house battle" мҩаԥысуан Шәача ақалақь аҿы, ажьырныҳәа 20 рзы.
Ҭырқәтәыла, Адаԥазар инхо ҳџьынџьуаҩ Ирфан Ахәаҷба аԥсуа-аҭырқәа жәар шеиқәиршәаз, анаҩс уи ахархәара шаиузи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Фазиль Исканднр 90 шықәса ихыҵра иазку ауснагӡатәқәа реиҿкааразы акомиссиа актәи аилатәара мҩаԥыргеит ажьырныҳәа 18 рзы.