Гал араион Аладатәи Барӷьаԥтәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Аида Џьопуаԥҳа Аԥсны аҵара министрра ақыҭа школқәа иреиӷьу рырҵаҩцәа ҳәа иалнакааз рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп. Арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеи Аладатәи Барӷьаԥтәи ашкол аҿы аҵара процесс шцо.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Русское общество Абхазии" рыдышшылеит Аԥсны иршьыз Урыстәыла атәылауаҩ Михаил Маслов иҭаацәа, агәабзиара изеиӷьаршьеит абизнесуаҩ Михаил Еваленко.
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсыӡкразы ауаажәларратә хылаԥшратә гәыԥ аԥҵара хықәкыс иамоу атәы.
Костромантәи Аԥсныҟа зҭаацәа зманы иааз, ара инхоз ауаҩԥсы дыршьит Тамшь ақыҭан ажьырныҳәа 14 рзы.
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Жәлар реизара ашҟа ашәҟәы нарышьҭраны ишыҟоу аусбарҭахь иасны арыцҳара ҟалеит ҳәа амц зҳәо аҭакԥхықәра рақәыршәара иазку.
Ареспублика аҳақьым хадацәа аилацәажәара мҩаԥыргеит Аԥсны аимҳәатә чымазара аԥзырҟәҟәаауа ауснагӡатәқәа рыдкылара азҵаарақәа рзы.
Ажьырныҳәа 15, асааҭ 16:25 рзы Гагра араион Лӡаа ақыҭан, Аԥсны амҩаҿ атранспорттә хархәага "Audi Q-7 ԥжәеит
Ажьырныҳәа 12 Краснодар имҩаԥысуаз актәи жәларбжьаратәи аконкурс-фестиваль "Сияние Кубани" аҿы аԥснытәи акәашаратә ансамбль "Ашара" Гран-при иаԥсахеит, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Асҭанда Чачибаиаԥҳа.
Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭахь аԥжәара ҟалеит ҳәа адырра ҟаҵан аҩаша, ажьырныҳәа 15 рзы.
Аԥсны Ахьӡ-аԥша амузеи алахәхеит Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьра аҭоурых жәларбжьаратәи аилак. Аилак иалахәуп Европа атәылақәа, Урыстәыла, Америка, Бразилиа.
Абокс азы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аиндаҭлара, 174 спортсмен злахәыз, мҩаԥысит Анапа, ажьырныҳәа 7-13 рзы.