Аиааира амш аӡәырҩы агәылацәа еилаланы рыдәқәа рҿы иазгәарҭоит. Ус шьҭа традициак аҳасабала иазнеиуеит. Аҟәа ақалақь Аҳабла ҿыц аҿы инхо Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Зураб Ҳашба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ари атрадициа абашьҭрала ицалар шахәҭоу.