Абылра ҟалеит рашәара 14 ауха, амца зыцралаз автомашьына амотор ахьыҟоу ахәҭа шьаҭанкыла иблит, амашьына аҩнуҵҟа ахәҭакгьы блит.
Омар Беигәаа ихьӡ зху Аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рҭоурых амузеи аиҳабы Џьамбул Инџьгьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амузеи зыхьыӡ аху авторс дызмоу аԥсуаа рмифологиа иазку ашәҟәы аҭоурых атәы.
Ажәытәан Гагра анцәахәы дшамази, иахьа еицырдыруа ақьафурҭа "Гагрыԥшь" аханы иҟоу абахәра иԥшьоу ҭыԥны ишыԥхьаӡази, насгьы уи иамаз адоуҳатә мчи дырзааҭгылеит лымҳаҭасла акәымкәа лабдуцәа рҟынтә жәабжьны изаҳахьаз апоетесса Белла Барцыцԥҳа.
Аҟәа ақалақь аҿы инхо Феликс Цикәтаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуа аиҭакрақәа рзы игәы иаанаго атәы.
Кәтол ақыҭан инхоз, зыԥсҭазаара зегьы Аԥсны акультура аӡыргара иазызкыз, аҭаацәаратә ансамбль аԥҵаны измаз Џьоџьа Ферыз изкуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.
Аблогер Жәларбжьаратәи имш аҽны ажурналист, Instagram аҿы Аҟәа аҭоурых еиҭазҳәо Арифа Қапԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иҷыдоу адаҟьаҿы аҳҭнықалақь аҭоурых аиҭаҳәара аҭахны изылыԥхьаӡаз.
Аусбарҭахь иаҵанакуа ахыбрақәа рҿы арратә госпитали Гәылрыԥшь араионтә хәышәтырҭеи ыҟоуп, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус руеит аҟәшақәа жәаба.
Асаӡтә ҿаԥыцтә ҳәамҭқәа ирызҿлымҳау, зхәыҷаахыз еидызкыло, насгьы хаз шәҟәны аҭыжьра згәы иҭоу апоетесса Белла Барцыцԥҳа еиҭалҳәеит асаӡқәа рныха Аԥсны еицырдыруа абыжьныхак реиԥш амч шамаз атәы, насгьы уа ныҳәаҩцәас иамақәаз азусҭцәаз.