Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьапуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амаҵзура ҿыц иаиуз алаҵа арахә рзы ишхәарҭоу.
Изакәанымкәа амцабџьари аџьаԥҳани рыҵәахразы зус ҭырҵаауа Иашҭхәа ақыҭан инхо атәылауаҩ Аҟәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадаҟынтә дыбналеит, иара ахԥатәи аихагылаҟынтәи ацәарҭамаҭәақәа еиқәҳәалан дырхьынҳаланы дылбааит.
Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы акоронавирустә инфекциа злоу аӡәгьы даанымхеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа аҩаша, рашәара 2 рзы дырԥылеит атәыла Апарламент адепутатцәа.
1 - 10 аклассқәа рҵаҩцәа рҵараамҭа хыркәшахеит лаҵара 13 рзы акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны. Аушьҭратә ԥышәарақәа рыда егьырҭ аԥыхын.
Гәылрыԥшь араион Дранда аҳаблан иҟоу акалмаҳааӡарҭа "Кәыдрытәи аӡыхь" аԥшәма Беслан Гәарамиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит русура шеиҿкаау, уадаҩрас ирымоу атәы.
Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд "Аԥсныфармациаҟны" амедицинатә усҳәарҭақәа рзы иаанахәоит акьыбачырақәа разԥхьагәаҭаразы ахәшәқәа.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ачымазара ҿкы аламырҵәаразы атәылаҟны иалагалаз аԥкрақәа рҵарауирҭа аусура ишаныԥшыз атәы.
2020 шықәса хәажәкыра 16 рзы амилициаа хысрала ирцәыбналарц зҽазызшәаз ԥшьҩык ауааԥсыра аанкылан.
Рашәара 2, 1989 шықәсазы Москва, СССР Жәлар рдепутатцәа Актәи реизара ду аҟны аԥсуаа рҿахәы ҳәо раԥхьаӡа акәны ари аҩыза атрибуна ду аҟынтәи дықәгылеит Владислав Арӡынба. Уи аҭоурыхтә мшы лгәалашәараҿы ишынхаз ҳзеиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥштә арратә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Игор Нинуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ачымазара ҿкы аҽацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа раан аҵараиурҭа аус шауа.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, лаҵара 26 инаркны рашәара 1 аҟынӡа ареспубликахь ихынҳәит 532-ҩык ауааԥсыра, акарантин аамҭазы Қырҭтәыла иҟаз.
2020 шықәса ажьырныҳәамза инаркны лаҵарамзанӡа еизгоу аҳазатә шәарақәа 2019 шықәсазтәи арбагақәа иреиҳахеит. Азеиԥш шәарақәа 687 миллион мааҭ ҟалеит.