Атанкер "Делфи" ааҳәра иахҟьаны аӷба иақәыз абылтәы амшын алалара Аԥсны аганахьала Амшын еиқәа анырра шанаҭаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны аекологиатә институт аусзуҩ Асида Ахсалԥҳа.
Асасааирҭатә комплекс "Абхазия" анапхгара Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿи Леон имҩаду аҿи "Трахикарпус" захьӡу 20 рҟынӡа пальмашьапы еиҭарҳарц азы апроект аздмырхиеит, ақалақь ахадара абри аҭыԥ аҿы аҽа пальмахкык аиҭаҳара азыԥхьагәарҭахьан.
Аԥсны ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аколлектив абҵара 12 рзы ацентр адиректор Олег Дамениа инапынҵақәа рҟынтәи ихы данақәиҭыртә ашьҭахь аусура ааныжьразы арзаҳалқәа рҩит. Олег Дамениа абри иҭыԥ аҿы диԥсахит Гиви Габниа.
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс дақәыӡбеит.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аҭыԥ змаз акриминогентә ҭагылазаашьа Аԥсны Апарламент аҿы иалацәажәон абҵара 27 рзы.
Аҟәа ақалақь ахадара иатәу Амҩатә ргыларатә усбарҭа аиҳабы Зураб Аҳәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Абҵара 24 рзы Новочеркасск имҩаԥысит Урыстәылазегьтәи самбо Амш иазку арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара самбо азы атурнир.
Абҵара 25-26 рзы имҩаԥысуаз V Жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рконкурс "Аҳатәы шәырӡ".
Афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит аҵлақәа рынцәахәқәа рыхьӡала ажьҭаара ианалагози ианалгози имҩаԥыргоз аныҳәара атәы.
Аҳәеилышьразы ашықәсҿыцазтәи атурнир иалахәын 360 спортсмен. Иара мҩаԥысуеит Шәача, абҵара 25 -28 рзы.