Агәыҳалалратә акциа "Гәыразыла" аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва иҟаз "Каданс" аконцерт шымҩаԥысыз, агәыҳалалара азҿлымҳара ахьынӡамаз уҳәа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроектқәа напхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит амцарцәагатә машьынақәа русуразы ԥынгылақәас иҟоу атәы.
Ашьапылампыл азы атурнир "Dagomys-cup" мҩаԥысуан Дагомыс, жьҭаара 31 инаркны абҵара 5 рҟынӡа. Атурнир иалахәын акомандақәа ааба.
Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа мчыбжьыктәи аинспекциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьа игәеиҭеит аҳҭнықалақь аҟны иҟоу аҩнеихагылақәа рышҭақәак, амҩадуқәа, даҭааит Аџьармыкьа хада. Уи аԥхьа аилацәажәара мҩаԥигеит аҳҭнықалақь ахԥатәи аҩнусбарҭаҟны.
Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа ари амчыбжь азы ақалақь далсны агәаҭарақәа мҩаԥигеит. Даҭааит аџьармыкьа хадагьы. Ара иара адҵа ҟаиҵеит амҩаҟны закәаншьаҭада иргылоу амшьамбатә қьалақәа ықәыргарц, азин ылгамкәа икнарҳаз аӡыргаратә баннерқәа кыдырхырц.
Аҳәынҭқарратә еилакқәа ԥшьбеи министрраки рнапхгаҩцәа рзы абҵара 6 рзы Рауль Ҳаџьымба аусԥҟақәа инапы рыҵеиҩит.
Аоперациа мҩаԥыргеит ААР Ахатә шәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәеи ААР Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәеи.
Аԥсуа телехәаԥшра амҩаԥгаҩ-аредактор Лана Аԥшьлааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ателехәаԥшраҟны аусура дшалагаз, уи лара лзы ҵакыс иамоу.
Аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы IX Аԥсны ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы.
Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иааишьҭуа аквотала Ауаажәларратә палата алахәылацәас иҟалар ауеит жәахаҩык ахаҭарнакцәа.
Атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рыҭан арԥжәагақәа ИМ-120, адырраҟаҵагатә ракетақәа, ахысгатә патрона ҭацәқәа.