Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит "Иҟәышу акалақь аҿы аиҭанеиааиразы жәларбжьаратәи адиалог" захьӡу аконференциа лалахәхара атәы.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҳәынҭқарратә обиектқәа ахатәтәрахьы иаҵанакуа аобиектқәа рахь риагаразы ақәҵарақәа ирыхәаԥшит аԥшьаша, абҵара 21 рзы.
Афонд "Азҳара" аҳасабеилыргаҩ хада Ирма Ҷантуриаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит сынтәа афонд ахь шаҟа арзаҳал нарышьҭыз, урҭ рахьынтә шаҟа ҭаацәара аԥара рзыршәахьоу.
VI Жәларбжьаратәи атуристтә форум SIFT-2019-и Атуроператорцәеи атурагентцәеи IV рконгресси мҩаԥысуеит абҵара 20 - 22 рзы Гәбаадәы.
Урыстәыла АҶА авертолиот МИ-8 Гагра араион Жәкәаратәи аҩхааҿы абҵара 21 шьыжьнаҵы жәантә аӡы ықәырҭәеит.
Ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Арвелод Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәоит 1999 шықәсазы Германиа жәларбжьаратәи афольклортә фестиваль ралахәхара атәы.
Ателехәаԥшра адунеизегьтәи амш аҽны, ажурналист, Аԥсуа телехәаԥшра уаанӡатәи ахантәаҩы Алхас Ҷолокәуа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит игәаанагара, аҭыԥантәи ателехәаԥшрақәа зеиԥшразарц ахәҭоу.
Аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи гәаҭараан хҩык апассаџьырцәа ирыдырбалеит закәаншьаҭада имҩаныргоз аҭаҭын аалыҵ.
Аԥсны АҶА иҟарҵаз адыррала, аԥшьаша ауха Аԥсны ақәа шаузгьы, ашьхараҿ амца мыцәеит, избанзар урҭ аҭыԥқәа рҟны ақәа млеиӡеит.
Аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" аԥҵоижьҭеи 25 шықәса ҵуеит сынтәа. Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Арвелод Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит 1999 шықәсазы Германиа жәларбжьаратәи афольклортә фестиваль ралахәхара атәы.
2019 шықәса рзы Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа инақәыршәаны иаахәоуп 63 автобус. Иааидкыланы ирыхшәаауп 162 миллион мааҭ.
Кәыдрытәи аҩхааҿы амца зкыз аҭыԥ ҿыцқәа гәаҭан абҵара 20 рзы. Уажәы урҭ рыхәҭак ырцәоуп Аԥсни Урыстәылеи р-АҶА аусзуҩцәа русеицура абзоурала.
Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа хәышықәса ҿҳәарас ирыманы ирыбжьарҵаз рнапы анаҵарыҩ ашьҭахь? азинмчра роуит.