Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәу 49-тәи рраунд амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп цәыббра 8-9 рзы. Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьа иалацәажәараны иҟоуп.
Абарак ҟазшьа змоу аҩнеихагыла амца акит Абазақәа рымҩа 13 аҟны, цәыббра 19 асааҭ 14:00 рзы. Амцакра мзызны иамоу макьаназы ишьақәыргылам.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, цәыббра 19 рзы ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз идгылаҩцәа рахь днеиит. Рауль Ҳаџьымба Алхас Кәыҵниеи иареи реицәажәара рылҵшәақәа ртәы иҳәеит.
Цәыббра 19 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбамҭаҿ иахәаԥшуеит Аԥсны ахадарахь акандидат Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.
Росстат адыррақәа рыла 2019 актәи азыбжазы турист ҳасабла Урыстәыла аҳәаа иахысит 19 миллиони 891 нызқьҩык ауааԥсыра.
"Формула-1" мҩаԥысраны иҟоуп Шәача, цәыббра 26 - 29 рзы. Аԥкрахьы иаҵанакуам ауаажәларратә транспорти анхарҭа-коммуналтә маҵзурақәа рытранспорти.
Афестиваль "Риҵаҿ арифмақәа" РУСДРАМ аҟны имҩаԥган. Ахәылԥаз Фазиль Искандер ирҿиамҭа иазкын. Ахәылԥаз аадыртит ашәҟәыҩҩы ду иажәеинраалақәеи ирҿиамҭақәа рцыԥҵәахақәеи рыла.
2019 шықәса аԥхьатәи аамзы рзы абиуџьет ахь иаланагалеит ф-миллиардки 74 миллион мааҭ, аха аплантә рбагақәа зегьы нагӡам.
Апрокт "Ишәарҭам ақалақь" аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика амҩадуқәа рҿы авидеонаԥшратә камерақәа рхыԥхьаӡара иацҵахоит.