Аҩбатәи атур аан абжьыҭара амҩаԥгара аԥҟаррақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит азиндырыҩ, Алхратә комиссиа хада алахәыла Гиви Габниа.
Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәаразы аминистр Руслан Аџьба Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәыла ауааԥсыра нхарҭатә ҭыԥла реиқәыршәаразы аус зуа апрограммақәа ҩба рахь иаҵанакуа.
Иҳаҩсыз алхрақәа рзы лкаақәаки ҳаԥхьа ишьҭоу аҩбатәи атур азы гәаанагарақәаки ртәы ҳадылгалоит Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит америкатәи аԥарԥалыкь аҟынтәи аԥхасҭа аанкыларазы иҟаҵоу.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҟны аҳәамҭа ҟарҵеит Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәааҿ аҭагылазаашьа ҷыдала ишашьклаԥшуа азы.