"Хәымштәи аибашьра" иалаӡыз ргәаладыршәон Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражҳәарҭаҿы.
Сергеи Габниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахатә гәаԥхарала цхыраара дышцаз, 2008 шықәсазтәи хәымштәи аибашьра анеилгоз иибаз, ихамышҭуа ахҭысқәа.
Аахыҵ Уаԥстәыла ақырҭуа ар анақәлаз амш аҽны, Цхинвал аибашьра иазкны иҭыхыз адокументалтә фильм "Ночь длиною в жизнь" автор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы, афилософиатә наукақәа рдоктор Гәырам Амқәаб жәа-шықәса рнаҩс игәалашәарақәа дырзааҭгылоит.
Канада Адәныҟатәи аусқәа рминистр Христи Фриланд ааԥхьара ҟалҵеит Евроеидгыла амониторингтә миссиа "Қырҭтәыла иатәу аҵакырақәа" рахь инашьҭызарц.
Нанҳәа 8 2008 шықәса рзы ақырҭуа ар Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, Цхинвал ақалақь аиҳарак еиладырбгеит. Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра реиқәырхаразы Урыстәыла ар аланагалеит. Хәымш ицоз аибашьра ашьҭахь ақырҭуа ар аахыҵ Уаԥстәыла иалцан.
Sputnik Аԥсны апроект аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр Автандил Гарцкиа иҳәеит шықәсык аҩныҵҟа атуристцәа хә-миллиардк рҟынӡа ареспублика абиуџьет ишаларгало.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳәаахьчаҩцәа дааныркылеит Қәҭешь инхо Қырҭтәыла атәылауаҩ. Иара уаанӡа ацәгьоура ӷәӷәа амҩаԥгараз абахҭа дҭакын.
2008 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аҭыԥ змаз ахҭысқәа иаадырԥшуеит иарбанызаалак амч ахархәара шыхшыҩдароу ҳәа азгәарҭеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Аҟәатәи иаарту аинститут ахь ашәҟәқәа алазҵо абитуриентцәа рдыррақәа рыҩаӡара атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аинститут аректор Валери Кәарҷиа.
Аҟәатәи иаарту аинститут ахь ашәҟәқәа алазҵо абитуриентцәа рдыррақәа рыҩаӡара атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аинститут аректор Валери Кәарҷиа.
Аԥсны атуризми акурортқәеи рминистр Автандил Гарцкиа иҳәеит есышықәса миллионҩык инареиҳаны атуристцәа атәыла иаҭаауеит ҳәа.