Аспорт азы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баграт Хәытаба арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Нигериатәи ашьапылампыл асыҩцәа Аԥсны рыхәмарра атәы.
Ақырҭуа-ауаԥс еибашьра алагеижьҭеи 10 анҵуа аамҭазы Дмитри Медведев аҽазныкгьы иазгәеиҭеит усҟан ирыдыркылаз аӡбамҭа альтернатива шамамыз.
Здацқәа Гагра араион, Цандрыԥшь, жәытәла Аԥсара ҳәа изышьҭаз аиланхарҭантәи иаауа, амҳаџьырра ашықәсқәа раан Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз Жьакә Ԥлиа (Лаԥшь-иԥа) ихылҵшьҭра, 150 шықәса рышьҭахь, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны рдацқәа аурыжьит. Жьакә ишьмоҭа Ерол Ԥлиа иаҳзеиҭеиҳәеит, даныхәыҷыз аахыс Аԥсны аӡбахә шиаҳауаз, раԥхьаӡакәны иџьынџьдгьыл ахь дшааз атәы.
Нанҳәа 4 рзы Очамчыра иҟалаз амҩатә машәыр аганахь ала аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба арадио Sputnik аефир аҟны иахьа Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу аконцерт атәы еиҭеиҳәеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа усутә аҭаарала Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоуп Аԥсны Ахада Шьамтәылаҟа ицара азырхиара азҵаарақәа рылацәажәаразы.
Урыстәылантәи аволонтиорцәа апроект "Маяки дружбы. Россия сближает" аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭоурыхтә обиектқәа ҩба дрыцқьараны иҟоуп.
Sputnik Аԥсны апроект аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.