Аԥснынтә раԥхьаӡа аҳаиртә десант ахь аррамаҵзура рхыргарц ишыргаз, насгьы аныҳәамш аҽны аӡы алаԥалара дшазыҟоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны адесантуаа реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Наҷҟьебиа. Нанҳәа 2 аҳаиртә-десанттә мчқәа ирымшуп.
Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаҩ нага, абызшәаҭҵааҩы, алексиколог, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара занашьаз Анатоли Хьециа иԥсы ҭазҭгьы, иахьа 75 шықәса ихыҵуан. Игәалашәара аҳаҭыразы ишәыдаагалоит уи даара ибзианы дыздыруаз, иахьа гәыблыла дызгәалазыршәо аҵарауаҩ Владимир Агрба иҿцәажәара.
Аԥсны Акультура аминистрреи Аҷандара ақыҭан хәы змоу аҵәахы аазырԥшыз Русҭам Чхебелиеи ахьчаратә уалԥшьа рнапы аҵарҩит. Уажәшьҭарнахыс иара дахьынхо аҭыԥ аҭоурых-культуратә ҭынха асиахь иаҵанакуеит.
Sputnik Аԥсны апроект аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Амотохысцәа арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 2,5 нызқьҩык аруааи, 600 цыра арратә техникеи. Аррамаҵзурауаа ирҵоит адәынтәи алагерқәа реиҿкаашьа, арратә техника аҵәахышьа, ахысшьа.
Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Тҟәарчал ауахәама аргыларазы аԥара аизгара иадҳәалоу амарафон шеиҿкаахо.
"Иаԥсоу апартниор" захьӡу аҽазыҟаҵарақәа Қырҭтәыла имҩаԥнагоит НАТО. Иара иалахәуп х-нызқьҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа, акәылӡтәы техника, авиациа.