Ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы, амҳаџьырра иагаз рхылҵшьҭрақәа иреиуоу Ҳаири Қәҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит иабду иаб иԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа рцара шыҟалаз.
Шықәсык аԥхьа ихацыркын Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә баҟа. Аусурақәа хыркәшахеит 2018 шықәса хәажәкырамзазы.
Ацәгьоура аҭыԥ аман ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан. Абџьар ахархәара аҭан дшьын урыстәылатәи атурист.
Аԥсны лаҵарамза 21 рзы иазгәарҭоит амҳаџьырцәа ргәалашәара амш. Гәдоуҭа ари амш аҳаҭыраз иаадыртит абаҟа. Арепатриацазы аминистрра аиҳабы Беслан Дбар иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, ари аԥсуа-адыга жәлар зегьы рзы ихьанҭоу шрыцхәу.
Аҿари, аҳәсеи, абыргцәеи рхеилак ҿыцқәа раԥҵара аԥшьигеит "Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс" ахантәаҩы Мусса Екзеков. Ахеилакқәа азырхоуп акультуратәи, асоциалтәи, аекономикатәи проблемақәа рыӡбра ацхыраара.
Лаҵарамза 21, даара ихьанҭоу, игәыҭшьаагоу мшуп аԥсуа жәлар рзы. Ҳажәлар ирхыргаз аҭоурых, хымԥада ирдыруазароуп еизҳауа абиԥарақәа. Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәоит аамҭаказы арепатриациазы аҳәынҭкарратә еилакы напхгара азҭоз Нугзар Ашәба.
Лаҵарамза 21, даара ихьанҭоу, игәыҭшьаагоу мшуп аԥсуа жәлар рзы. Ҳажәлар ирхыргаз аҭоурых, хымԥада ирдыруазароуп еизҳауа абиԥарақәа. Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәоит аамҭаказы арепатриациазы аҳәынҭкарратә еилакы напхгара азҭоз Нугзар Ашәба.
Аҭоурыхҭҵааҩ, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Давид Дасаниа иааигоу Мрагыларатәи атәылақәа рҿы иҟоу аԥсуа-адыга диаспорақәа ирызку апроект ахықәкы атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Аԥсуа дипломатиа аҭоурых атәы зҳәо ашәҟәы ҭыҵит. Ашәҟәаҟны иалацәажәоуп аԥсуа дипломатиа ашьақәгылашьа аҭоурыхи иахьатәи аусуреи.
Абокс азы Аладатәи Афедералтә округ аиндаҭлара мҩаԥысуан 2018 шықәса лаҵара 15-20 рзы.
Жәларбжьаратәи Каннтәи акинофестиваль есышықәса имҩаԥысуеит есышықәса, Франциа.
Mitjet 2L аверсиала Урыстәыла Ахраҿазы аиндаҭлара мҩаԥысит Ҭаҭарсҭан, автодром "KazanRing" аҟны лаҵара 20 рзы.