Мгәыӡырхәа ақыҭа иалҵны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иалахәыз, аха хабарда ибжьаӡыз Пас Гәыбаз иҭоурых арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит имаҭа, ажурналист Рада Ажьиԥҳа.
Аиааира Ду амш аныҳәаз атележурналист Анна Гәниаԥҳа Аибашьра Дуӡӡа иалахәыз лабду Иуа Адлеиба иҭоурых арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит.
Аиааира Ду 73 шықәса ахыҵразы аԥырҩы Қьаазым Агрба ифырхаҵаратә нысымҩаҟны иаликаауа хҭыск арадио Sputnik Апсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Џьырхәатәи абжьаратә школ адиректор Назырбеи Габниа.
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду 1941-1945 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аибашьцәеи рҭаацәеи еимаздоз афронт аҟнытә асалам шәҟәқәа ракәын. Sputnik Аԥсны апроект "Асалам афронт аҟнытә" - аибашьцәа ргәы иҵхоз, аҩныҟа ишықәхьааргоз атәы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалиааз аҭоурыхтә хҭысқәа ҵҩа рымам. Урҭ рызкыуп ҳтәылауаагьы. Мгәыӡырхәа ақыҭа иалҵыз, анемец фашистцәа иҭҟәаны иргаз Асовет еибашьцәа иреиуаз Даҭа Ҭарба, аӷацәа дышрыцәцаз атәы еиҭеиҳәеит, уи ахҭыс машәыршақә изаҳаз Владимир Жьиба.
55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи еибашьра ҳәа амҩа иқәлеит. Урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык аиааира рхы ақәырҵеит. Ареспублика атәылауаа 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду рыхҵан.
Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.