Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз, зхатә команда еиҿкааны измаз Аԥсны афырхаҵа Алхас Шьаҟрыл изкны ашәҟәы автор Гугуца Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аҟны иазгәалҭеит уи ихьӡ асовет аамҭазгьы Аԥсны ахы-аҵыхәа ишалаҩхьаз.
Зқьы гектар инарзынаԥшуа ақыҭанхамҩа аарыхырҭақәа ахәшә рықәырҭәахьеит амармалташьтә пты аҿиара амаиурц.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара амузеи аусзуҩ Геннади Цулаиа Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит Лаҭатәи атрагедиа иазкны аекспозициа шеиҿкаахо.
Лаҵара 12 1917 шықәса рзы диит Аԥсны Жәлар рпоет, "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьаз, хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, апоемақәа, ароманқәа равтор Баграт Шьынқәба.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Гәдоуҭа араион Ахада Руслан Ладариеи реиԥылара мҩаԥысит лаҵара 11 рзы.
Жәларбжьаратәи афестиваль "Музыка мира" мҩаԥысуан Израиль лаҵара 6- 10 рзы.
1918 шықәса лаҵара 11 рзы Ҭырқәтәыла Ашьхаруа Республика азханаҵеит.
Аԥсуа жәлар реизара Ду мҩаԥысит Ҭырқәтәыла, Калдахәара ақыҭан.
Абокс азы Москва аиндаҭлара мҩаԥысуан 2018 шықәса мшаԥы 30 инаркны лаҵара 6 рҟынӡа.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аԥшьаша, лаҵара 10 рзы инапы аҵеиҩит Аусԥҟа, Робесҭан Габлиа атранспорт азы Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс иҟаларазы.
Акультура аминистрреи ҳаамҭазтәи аҟазара Аинститути аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩи. Аиқәышаҳаҭра иалнаршоит Аԥснытәи астудентцәа рҵараҵараҿы аԥыжәара аиура.
Аԥсны ачемпионат атурқәа 10 реихшьаалақәа рыла аҟәатәи "Нарҭ" 27 кәатала аманы егьырҭ акомандақәа ираԥнагеит.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Ҟрыми Севостополи ҩ-ганктәи русеицура мҩаԥгахалоит ақыҭанхамҩеи, абнанхамҩеи, абиологиеи, амедицинеи, аекологиеи, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи русхкқәа рҟны.
Лаҵарамза 10 рзы аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Германиа Афедеративтә Республикаҟны иҟоу ААП аофициалтә хаҭарнак Вольфганг Матцке дызхагылаз аделегациа идикылеит.
Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.