Қьаазым Агрба ихьӡ зху Џьырхәатәи абжьаратә школ аиҳабы Дифа Габниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны лусура аамҭала иааныжьны лқыҭа гәакьахь лыгьежьра шыҟалази, ашкол аҟны инарыгӡо ақьабзқәеи лусура хада анаҩс лнапы злакуи ртәы.