Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа аргылара аконкурс аҿҳәара инахоуп 2020 шықәса ԥхынҷкәын 10-нӡа, арзаҳал аӡәгьы иахьалаимҵаз иахҟьаны. Ари аҭагылазаашьазы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба.