Аԥсуа бызшәеи алитературеи ринститут 95 шықәса раԥхьа аԥҵара зыбзоурахаз, насгьы уи ԥхьаҟа аҭҵаара аус аҿы иалнаршаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьатәи Аԥсуаҭҵааратә институт иахагылоу аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба.