Жьҭаара 2 асааҭ 14:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахоит Фарид Кәабахьиеи Николаи Ачбеи рышәҟәы "Ажәытәан аԥсуаа рҟны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи" иазку апресс-конференциа.
"Акурорт Пицунда" аиҳабы Фрикан Гәынба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьазы аԥсшьарҭатә комплекс аҿы шаҟаҩы рыԥсы ршьо, насгьы уи иамоу ауадаҩрақәа ртәы.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зланы иаадырԥшхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 1525-ҩык ыҟоуп. Ргәы бзиахеит 558-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 12-ҩык.
Дыҟамзар ҟалап Гагра араион аӡәы, Нодар (Масик) Бениа дыззымдыруа. Чароума, иубилеиума, хәылԥазума уҳәа рҟны Масик имузыка иамыцкәашахьада. Иахьа, жәларбжьаратәи амузыка амш аҽны Саида Жьиԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит иара иҭоурых.
Аурыс-аԥсуа ҳәаа закәаншьаҭада ахысра зҽазызшәоз ахаҵа ҩышықәса харадҵаны иқәырҵар алшоит.
Цәыббра 30 рзы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит Гал араион аҿы аԥсуа бираҟ амца азыркыз ауаҩы даанкылоуп ҳәа адырра.
Аԥсуаа рҟны аилкаара "аамсҭашәара" ҵакыс иамоу, ус еиԥш ззырҳәо зусҭцәоу атәы арадио Sputnik арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҟны дазааҭгылеит афольклорҭҵааҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Аиааира амш илызнарҵысыз агәалашәарақәеи ахәыцрақәеи ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа.
Ашьхареи амшынԥшаҳәеи рҟны аџьаԥҳаны ахьықәыргаз аҵакырақәа 20 гектар рҟынӡа инаӡоит.
Жьҭаара 1 азы адунеи аҿы иазгәарҭоит Абыргцәа жәларбжьаратәи рымш. 75 шықәса зхыҵуа Феликс Цыкәҭаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит избан абырг ҳәа анизырҳәо дызгәаауа, насгьы ихы-игәы бзиан ибартә еиԥш алшара изҭо закәу.
Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак Џьамалеҭҭин Арӡынба Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегьы ибжьы рықәиргон, изныкымкәа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь даахьан, иуаажәлар рҿы аҳаҭыр дуӡӡа иқәын.
Ҭырқәтәыла инхоз ҳџьынџьуаҩ, зыԥсадгьыл аҿаԥхьа зылшамҭақәа ҳараку Џьамалеҭҭин Арӡынба игәалашәара аҳаҭыразы ажурналист Сырма Ашәԥҳа диҿцәажәеит ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа.
Апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа арадио Sputnik аефир аҿы аицлабра "Аԥсны агәадура" аҿы аиааира згаз Абзагә Ҵәыџьба ипроект ахҳәаа аиҭеит.
Атуристцәа аԥсшьараан рынхаразы заанаҵтәи аҿаҵарақәа ахьыҟарҵо амаҵзура Tvil.ru. Абыргцәа жәларбжьаратәи рымш азы асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа иразҵааит атәанчараамҭаан еиҳа рыԥсы ршьарц ахьырҭаху азы.
Акурорттә сезон аамҭазы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа закәаншьаҭада еиҳарак иахыргарц рҽазыршәон арыжәтәи аҭаҭын аалыҵи.