Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Амиран Какалиа Аԥсуа телерадиоеилахәыраҿы ипресс-конференциа мҩаԥысит лаҵара 27 рзы.
Аршәы ҭзыжьуа анаплакы аиҳабы Роман Габлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анаплакы аусура заанкылоу атәы.
Аӡы ҟалом раионқәак рҿы, иара убас ақалақь агәаҿы аихагыла ҳаракқәа рахь ихамлар алшоит.
Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы ҿыц уаҩы идбалам, апандемиа ҟалеижьҭеи ичмазаҩхеит 28-ҩык ҳтәылауаа.
Абиблиотека амш азы шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Џьгьарда ақыҭа инхо, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ ҳәа ахьӡ занашьоу, акыршықәса инеиԥынкыланы абиблиотекаҿы аус зухьоу Лили Қәаранӡиа - Ашәба лдунеихәаԥшышьеи, лыгәҭахәыцрақәеи, лабжьгарақәеи ирызку анҵамҭа.
Феликс Дауҭиа Афон Ҿыц ахадас дахьыҟаз инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба иусдҵала мшаԥы 22 рзы.
Тҟәарчал араион Гәымарқыҭ ахада Гәырам Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭа иахьатәи абзазашьа, уи иаланхо рҭагылазаашьа зеиԥшроу, ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы.
Амуниципалтә хыбрақәа қьырала измаз, ауал зқәымыз абизнесуаа аԥарашәараҟынтә рхы иақәиҭитәуп лаҵарамзеи рашәарамза абжаранӡеи.
Ҳажәлар рҟны амшқәа ршьара ирыдҳәалоу аҵасқәеи ақьабзқәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik иацнаҵоит онлаин-сессиақәа рымҩаԥгара SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны. Лаҵара 29 асааҭ 13:00 рзы имҩаԥысуеит авебинар абри атемала: "Веб-аналитика от А до Я, или инструменты веб-анализа сайта для новичков".
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аантәи Аиааира апарад далахәхоит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз анаԥхьарала.
Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит апроект "Аклассика ҳаԥхьоит" аидеиа шцәырҵыз, уи хықәкыс иамоу атәы.
Аԥсныҟа ихынҳәуа аҳәааҿы ирԥылоит аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи маҵзурақәа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра, Аԥсны АЕС русзуҩцәа, Галтәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа.
Шәи акы фатәеидкыла роуит Аҟәа ақалақь, Аҟәеи, Очамчыреи, Гәдоуҭеи, Гәдоуҭеи араионқәа рҿы инхо аурыс ҭаацәарақәа.