Аԥсуа бызшәа амш аҽны Галтәи аҩбатәи абжьаратә школ адиректор Ахра Кәакәасқьыр арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны еиҭеиҳәеит рҵаҩцәа аԥсуа бызшәа шыддырҵо, уи ахьынӡарыцааиуа атәы.
Аҟәа араион ҳазҭоу ашықәс азы абиуџьет шышьақәгылаз, насгьы иааиуа ашықәс азы уи шьақәыргылоума, иара убас уи ззырхахо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа араион ахадара афинанстә ҟәша аиҳабы Мадина Ҭарԥҳа.
Аԥсуа ҳәсақәеи аҭыԥҳацәеи рыбзазараҿы ахархәара рыман атрадициатә хаҵатәқәа. Иарбақәаныз урҭ? Убри атәы даҳзааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша аспециалист хада, ААУ арҵаҩ нага Валентина Ҳалбад арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы ачарақәа шыруаз атәы дазааҭгылеит.
Ачарақәа раамҭа ашыкьымҭа ҳҭагылоуп. Ари агәырӷьаратә хҭыс ҿыц еиднагалаз ирыцеиҩыршоит, ргәакьацәа рнаҩсгьы, рҩызцәа, рықәлацәа. Аӡәгьы изы имаӡаӡам ҳчарақәа аԥсуа цәа рцәыӡуа ишалагаз. Саида Жьиԥҳа иахьа дазааҭгылоит аҿар рхымҩаԥгашьа, аиҳарак акәашарақәа рынагӡараҿы.
Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҟны шәара еилышәкаар ауеит ҳмузеиқәа рҟны иӡыргоу аекспонатқәа, амаҭәарқәа еиҭарҳәо аҭоурых атәы.