Традициала аԥсуа чарақәа афатә, ажәтә рыла еинҭәыла имҩаԥысуан ажәытәгьы иахьагьы. Ихадараз акәац, абысҭа, аҩы ракәын. Иахьатәи ачарақәа рҿы ицәырҵуа аҿыцрақәа ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" ахада Мактина Џьынџьалԥҳа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны иаԥҵоу агәыҳалалратә фондқәеи дареи ирыбжьоу аимадарақәа ртәы.
"Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы иазгәеиҭеит Аԥсны ишыҟам ацхыраара заузи измауци еидызкыло иаку абаза.
Жьҭаарамза 26, 1992 шықəса рзы Очамчыра ақалақь ахақəиҭтəра иалахəыз аибашьцəа Џьон Зарандиеи Гурам Кəарҷиеи дрыҿцəажəеит ажурналист Сырма Ашəԥҳа.
Бзыԥтәи аҩхаа ада, адунеи аҿы џьаргьы иззымҳауа аҵиаа ашьхаҳаршьыл (колокольчик) аартра шыҟалаз, насгьы изыбзоуроу арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Савели Ҷыҭанаа.
Атәылауаҩи аиҳабыреи - аӡбамҭа здызкылои иназыгӡои рыҿцәажәара. Арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны актуалра злоу аиҿцәажәарақәеи урҭ рыӡбара амҩақәа рыԥшаашьеи.
Жьҭаара 26, 1992 шықәса рзы Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҿы фырхаҵарыла иҭахаз аибашьцәа дыруаӡәкуп Маркәыла ақыҭа ииз, "Леон иорден" занашьоу Иван Сырбеи-иԥа Гәниа. Уи дызнысыз аибашьратә мҩа дазааҭгылоит агәыԥ "Скорпион" иалахәыз Робик Дочиа.
Аҳақьым-апедиатр, агәабзиарахьчара аминистрра аиммунизациазы аспециалист хада Есма Гәниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы илҳәеит уажәы изызҳауа аҿар ргәабзиара иаҳа ишеиӷьу.
Жьҭаарамза 1989 шықəса рзы ҩ-бызшәак рыла иҭыҵуа иалагеит агазеҭ "Аидгылара". Аԥсышəала иҭыҵуаз агазеҭ редактор хадас даман, ҳазҭагылоу аамҭазы ажурнал "Аԥсны аҟазара" напхгара азҭо Геннади Аламиа. Иара дазааҭгылоит агазеҭ ауаажəларраҿы ҵакыс иамази инанагӡоз ахықəкыи.