Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны агәыӷра ааирԥшит араион ауааԥсыра хара имгакәа Қырҭтәылаҟа акәымкәа Аҟәаҟәа иаҳа еиӷьны иԥшуа иалагап ҳәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ахәаша, ԥхынгәы 19 рзы Гәдоуҭа араионахь иусутә ныҟәараҟны ицыз Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит ақыҭақәа автобус ҿыцқәа шрызшахо.
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рзы автобусқәа раахәара иахшәаан 162 миллион мааҭ.
Апародиақәа рыхәылԥаз мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ацена маҷ аҟны. "Алаф ашҭа" иалахәын иазхаҵоу апародиа азҟазацәа реиԥш, иҿыцу авторцәагьы.
Аԥсуа ҭаацәарақәа ахьынхо аҭырқә қыҭа Есма-Ҳаным ақәоурақәа рышьҭахь аӡы хыҵны иаҵалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи ргәаҭара аҟәша аспециалист хада Лариса Ахԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит иааиуа амшқәа рзы амш аҭагылазаашьа зеиԥшрахо атәы.
Аҟәатәи атроллеибустә цәаҳәақәа Кавказ еиҳа ижәытәу ацәаҳәақәа иреиуоуп. Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы атроллеибусқәа аусура иалагеит ажьырныҳәа 3, 1968 шықәса рзы.
Гәдоуҭа ақалақь Бамборатәи амҩаҿ анхарҭаҩнқәа ашәахьа, ԥхынгәы 15 раахыс фымцалашарада иаанхеит.
Археолог, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Очамчыра ақалақь аҿы ихацырку археологиатә ҭҵаарақәа зызку.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Аԥсны апрокуратура хада Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рганахь ала азыҳәа иақәшаҳаҭхеит аҩнытә ҭакра рықәҵаразы.
Урыстәылеи Аԥсныи рархеологцәа Очамчыра араион аҿы адәынтәи ажрақәа ирылагеит, ажәытә бырзен қалақьқәа иахьрыҵаркуаз аҭыԥқәа рҿы.