Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ Енгин Ебжьноу арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит Аԥсныҟа нхара аара, араатәи аԥсҭазаара аҽаршьцылара аҿарацәа шракәу иаҳа иззыманшәалоу.
Ҭырқәтәыла, Зонгәылдак ақалақь аҟны раԥхьаӡа акәны иаадыртит аԥсуаа рхеидкыла. Уи аиҿкаашьеи аартреи ртәы иазааҭгылоит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиеи Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысбеи.
Аԥсуаа лассы-лассы ҳцәажәараҿы "Жәҩангәашәԥхьара убааит", "Жәҩангәашәԥхьара ибеит", "Жәҩангәашәԥхьара изаҩызахеит" ҳҳәоит. Арҭ ажәақәа ҵакыс ирымоу атәы ҳадылгалоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Габлиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Аԥсныҟа аԥсшьаҩцәа хымз ракәымкәа, ашықәс зегьы иаҭаауа аҟаҵаразы ихымԥадатәины иҟазароуп ҳәа ишиԥхьаӡо.
Ԥхынгәы 12 рзы Алхратә комиссиа хадаҿы имҩаԥган аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа 5-ҩык алингвистикатә комиссиа рахыжьра. Уи иалахәыз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа акандидатцәа рбызшәатә культура ахьынӡанеиуа еилылкаауан. Ишәыдаагалоит иҳазлырхиаз аматериал.
Цандрыԥшь аҳабла ахада Бадри Ԥлиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, аҳабла иаҭаауа акыр еиҳахарц иҟаҵатәу ҳәа ииԥхьаӡо.
Аԥсны апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада, абокси, ақәԥареи, атлетика хьанҭеи рзы Ареспубликатә школ адиректор Альберт Карди-оӷлы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит абоксиор қәыԥшцәа рԥеиԥш иазеиӷьу аҳәаанырцәтәи ашколқәа шракәу.