Томсктәи аҭҵаарадырратә кардиологиатә институт аҟны иазыхиоуп Руслана Дорошенко аоперациахь идкылара. Аоперациа миллионки 65 нызқь мааҭ иаԥсоуп.
Илиа Киреев, ашоу "Голос" ахԥатәи асезон алахәыла, 2016 шықәсазы раԥхьаӡа акәны Аԥсны даҭаан дыҟан.
Урыстәыла Ахада иалхраан абжьыҭирақәа реиҿкааразы аҭакԥхықәра зду урҭ шымҩаԥгатәу дырҵаразы, разыҟаҵаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит жәабран 14 рзы. Ауснагӡатәқәа ирылахәхоит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәагьы.
Еицырдыруа ашьапылампыласыҩ, Аҟәатәи "Динамо"акоманда амбахьчаҩ Владимир Марганиа иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуазаарын 90 шықәса, иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны ашьапылампыласыҩ иаб иашьа имаҭа Омар Маан.
США зхадараҿы иҟоу акоалициа аԥшьашаҽны аҳәамҭа ҟанаҵеит аиҳабыратә архәҭақәа "Шьамтәыла адемократиатә мчрақәа" (SDF) ишрықәлази уи аҭак шыҟаҵази рзы.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2018 шықәса хәажәкыра 18 рзы. Аԥсны атәылауаа, урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы змоу ирымоуп алшара ареспублика иахьаҵанакуа иаарту алхырҭатә ҭыԥқәа 16 рҟны рыбжьы рҭиирц.
Аин-Сефра аԥхын ашора +37°С рҟынӡа ихалоит, аӡынраз градуск аҟынӡа илаҟәуеит. 2017 шықәсеи 2018 шықәсеи рзгьы асы аухьан Сахаратәи асакараҿы. Раԥхьаӡа акәны абри аҭыԥ аҿы асы леит 1979 шықәса, жәабранмзазы.
Аҳәынҭқарратә Думахь азакәан апроект назышьҭыз адепутат Андреи Барышев, иазиԥхьаӡоит асааҭ аԥхынразы аиҭакра, илашоу аамҭа хра аманы ахархәара алнаршоит ҳәа, аресурсқәа еиҳа аекономиа рнаҭоит, ауааԥсыра ргәабзиара анырра бзиа анаҭоит ҳәа.
Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" захьӡу аҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника шәыдаагалоит, иара хацыркуп нанҳәа 14 2017 шықәса инаркны.
Аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа раан иҭырҵаауан ҳаамҭазтәи ацифратә топографиатә системақәа.