2008 шықәса рзы нанҳәатәи аибашьра хацзыркыз Қырҭтәыла уаанӡатәи Ахада Михаил Саакашвили ишьҭахьгьы Қырҭтәыла амчрақәа рполитика рмыԥсахӡеит ҳәа азиԥхьаӡоит Бибилов.
Ҭырқәтәыла абызшәа адырразы аҭагылазаашьа иаҳа-иаҳа иуадаҩхоит, 25 шықәса иреиҵоу аԥсшәа зынӡа рыздырӡом, иҳәеит Ҭырқәтәыла акультуратә хеидкылақәа рхантәаҩы Аҭанур Аҟәысба, Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аԥсны иҟазаара аамҭа иалагӡаны арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы.
Иаанкылоу ауаҩы ихы иаирхәон апрограмма ByLock, аҭырқәа мчрақәа ргәаанагарала иара ахархәарала FETO алахәылацәа ишифрырку адыррақәа рибаҭоит.
Ажьырныҳәа 11 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит ажәа иҭабуп Жәларбжьаратәи амш. Аԥсуа бызшәаҿы иҭабуп ахьынтәаанагази уи хархәашьас иамоу атәы еиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ аетнолог Валери Бигәаа.
Атележурналист Андреи Кондрашов идокументалтә фильм аҟны иалоуп Урыстәыла Ахада Владимир Путин иинтервиуқәа ҩба.
Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аусбарҭа имаҩаԥнаго апроектқәа зегьы ирыцҵахоит, абри атәы Sputnik арадиостудиаҟны илҳәеит аусбарҭа акомитет аспециалист хада Есма Кәыҵниаԥҳа.
Биткоин ахәԥса лаҟәит Аладатәи Кореиа аиустициа аминистр акриптовалиутала ахәаахәҭра ҟалом ҳәа аҳәамҭа аныҟаиҵа ашьҭахь.