Sputnik Аԥсны исыднаҵаз адҵақәа иреиуахеит, "2017-тәи сышықәс" сусура ишаныԥшыз ахцәажәара. Арбаӷь ашықәс азы ииз сзы, 2017 сара иахьсышықәсыз акәзар ҟалап ҳәа сгәа иаанарго, исҳәарц сылшоит, зегь рыла даара иманшәалан ҳәа.
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа иахьанӡа еиқәырханы иааргоит ҳҵасқәеи, ҳқьабзқәеи, ҳхатәы бызшәеи. Ари аус анагӡараҿы, уахи-ҽни аџьабаа рбоит, аԥсуа культуратә центрқәа - Адернеқьқәа. Дара аартуп, Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Анкара, инаркны, егьырҭ хыԥхьаӡара рацәала аԥсуаа ахьынхо ақалақьқәа рҟынгьы. Адернеқьқәа жәпакы рыҩнуҵҟа иаԥҵоуп Аҳәса Рхеилакқәа.
Аԥсны еснагь ашықәс рацәа нызҵуа ауаа иртәылоуп ҳәа ахьӡ рҳәон. Ишԥаҟоу уажәы аҭагылазаашьа? Уи атәы аилкаара алшоит Sputnik акорреспондент Бадри Есиава иматериал аҟны.